Ламиаԥҳа: есыҽны аусура уанашьцылалак, аҩны атәара уцәыцәгьоуп
Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр актриса Милана Ламиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит атеатр апроект ҿыц зызку, насгьы уи аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥылгаз раԥхьатәи аиҿцәажәара илнаҭаз агәалаҟара атәы.