Какоба: атрадициатә ҵара адистанциатә иаԥсахуеит ҳәа зыԥхьаӡо среиуам
Ашколқәа роушьҭымҭацәа рзы аԥышәарақәа шеиҿкаахо, зҵара хзыркәшаз рыхәшьарақәа шалкаахо, аусура ахәыҷбаҳчақәа аусура ианалаго, иара убас иалахьынҵозеи адистанциатә ҵара - абри атәы еиҭеиҳәеит арадио Sputnik аефир аҿы аҵара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Адгәыр Какоба.