Аслан Бжьаниа Владимир Путин Урыстәыла Амш идиныҳәалеит
![Аслан Бжьаниа Владимир Путин Урыстәыла Амш идиныҳәалеит](https://cdn1.img.sputnik-abkhazia.info/images/102973/28/1029732858.jpg)
Урыстәыла Амш есышықәса иазгәарҭоит рашәара 12 рзы. Сынтәа Урыстәыла ахада Владимир Путин ҷыдала ихы алаирхәуеит аныҳәатә уснагӡатәқәа – Аџьа Афырхацәа аҳамҭақәа ранашьареи Поклоннаиа ахәаҟны абираҟ ашьҭыхреи.