Кәыҵниа еиҭеиҳәеит Ԥсоу аҳәааҿы имҩаԥгаз агәаҭарақәа рылҵшәа атәы
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиеи иареи аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" агәаҭаразы реицныҟәара зызкыз, насгьы уи иалҵшәахаз.