Ҳашыг еиҭеиҳәеит аԥсшәа иабзоураны Аолимпиада-80 аицлабрақәа руак Москва ишибаз
Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг арадио Sputnik аефир аҟны игәалаиршәеит 40 шықәса раԥхьа Москва имҩаԥысуаз ХХII Аԥхынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа раан туристк иаҳасабала рыхәаԥшра дахьнеиз аԥсуа бызшәа шихәаз.