Басков Аԥсны ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа рыцхырааразы аконцерт мҩаԥигоит
Ԥхынгәы 17 рзы Sputnik Аԥсны амультимедиатә пресс-центр аҿы имҩаԥгахеит аиҿкаара "Аԥсны Агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩцәа" апресс-конференциа, зыҟны аиҿкаара аилазаара ҿыц рылаҳәаз. Ацҳаражәҳәаҩцәа ҿыцқәа дыруаӡәкхеит урыстәылатәи артист, ашәаҳәаҩ Николаи Басков.