Аҩӡԥҳа–Ӡыба: амузеи аусзуҩцәа ҳзы қьаад ҳәыҷык аҩыра ҭоурых дук иаҩызоуп
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи афондқәа рыхьчаҩ хада Лиубов Аҩӡԥҳа–Ӡыба арадио Sputnik арубрика "Аҭоурых иагәылаҵәаху" аҿы еиҭалҳәеит иҭаҵәахны ирымоу амаҭәарқәа рхыԥхьаӡара шаҟа инаӡо, аҩыратә хыҵхырҭақәа рфонд аҟны акрызҵазкуа амаҭәарқәа ҳәа изхәаԥшуа ртәы.