Тҟәарчал ГРЕС аҟны иаалырҟьаны афымцацәара ҟалеит
Нанҳәа 13 рзгьы аҭыԥ аман Тҟәарчал ГРЕС авариатә фымцацәара. Афымца аиҭашьақәыргылара иалахәын "Амшынеиқәафымцамч" авариаԥыхратә маҵзурақәа. Сааҭыбжак аҩныҵҟала иалыршан афымцалашара аиура аиҭашьақәыргылара.