Маркәылатәи аԥшаахқәа: ажәытә аԥсуаа ахьынхоз аҭыԥ аҿы аҵарауаа ирԥыхьашәаз
![Маркәылатәи аԥшаахқәа: ажәытә аԥсуаа ахьынхоз аҭыԥ аҿы аҵарауаа ирԥыхьашәаз](https://cdn1.img.sputnik-abkhazia.info/images/07e4/08/1c/1030832548.jpg)
Очамчыра араион Маркәыла ақыҭан 2014 шықәса раахыс археологиатә жрақәа мҩаԥысуеит ҳера ҟалаанӡа IV-тәи ашәышықәса инаркны ҳера иатәу XV-тәи ашәышықәсанӡа аԥсуа хылҵшьҭрақәа ахьынхоз аҭыԥ аҭҵааразы.