Чхьеиӡе Ерик Аншба изы: иахьа дызбаз уаҵәы дихашҭуамызт
Аветеринартә ҳақьым, аветеринартә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аԥсны аветеринартә маҵзура акыр шықәса аџьабаа азызбахьаз Ерик Аншба иԥсы ҭазҭгьы иахьа ихыҵуазаарын 60 шықәса. Иара иҩыза гәакьа Родик Чхьеиӡе арадио Sputnik аефир аҿы игәалашәарақәа дырзааҭгылеит.