Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ҷыҭанаа амшын Еиқәа иазкны
Есышықәса жьҭаара 31 рзы иазгәарҭоит Амшын еиқәа жәларбжьаратәи амш. Аԥсны аекологиеи аԥсабарахьчареи аҳәынҭқарратә хеилак ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит амшын иадҳәалоу ауадаҩрақәа ртәы, насгьы уи аиқәырхаразы имҩаԥырго аусурақәа ртәы.