Бараҭелиа ашәахтә аҭышәныртәаларазы аԥсахрақәа ирызкны: араионқәа рзы акраҵанакуеит
Жәлар Реизара аилатәараҿы ахашәалазы ашәахтә алхразы аԥсахрақәа аланагалеит. Апроект азырхоуп араионқәа ршәахтәлшара аизырҳара. Уи араионқәа лшарас ирнаҭо атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Гәылрыпшь араион ахада Аслан Бараҭелиа.