2500 ак рҟынӡа амаининг хархәагақәа аанкылоуп жьҭаара 21 раахыс
![2500 ак рҟынӡа амаининг хархәагақәа аанкылоуп жьҭаара 21 раахыс](https://cdn1.img.sputnik-abkhazia.info/images/07e4/0b/0a/1031259622.jpg)
Аминистрцәа реилазаара аамҭала Аԥсныҟа амаинингтә хархәагақәа ралагалара азин ааннакылоит 2021 шықәса рашәара 1 аҟынӡа. Аминистрцәа реилазаара иара абри ақәҵарала акриптовалиута аиуразы аусурақәа зегьы ааннакылоит.