Гәылариа 2020-тәи ашықәс атәанчаратә фонд азы: даара иуадаҩхеит
Атәанчаратә фонд абиуџьет 2021 шықәсазы иартәоит миллиардки 220 миллион мааҭи. Уи 117 миллион мааҭ рыла еиҳауп 2020-тәи ашықәс аасҭа. Афонд аиҳабы Денис Гәылариа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит сынтәа абиуџьет ахарҭәааразы иҟаз ауадаҩрақәа ртәы.