Лагәлаа ақыҭанхамҩатә аалыҵ ахаҭабзиаразы асертификат иазкны: аамҭа рацәа агаӡом
Аԥсны Астандартқәеи ахархәаратәи атехникатәи хылаԥшреи рзы Аҳәынҭқарратә еилакы асертификациа аҟәша аиҳабы Инал Лагәлаа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ақыҭанхамҩатә аалыҵ ахаҭабзиаразы асертификат аиура шыҟало, аалыҵ аҳәаа ахыгаразы аԥҟарақәа ртәы.