Лакәарԥҳа Владимир Кьетиа изы: арҵаҩ ду, ауаҩ бзиа
СССРи Аԥсни зҽаԥсазтәыз рырҵаҩы Владимир Кьетиа иахьа аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргоит. Иара 20 шықәса инареиҳаны Аҟәатәи ажәабатәи Ашьхарыуаа рышкол анапхгаҩыс дыҟан. Арадио Sputnik аефир аҟны Владимир Хынҭыжә-иԥа дылгәалалыршәеит иара иҵаҩы - арҵаҩы Ирина Лакәарԥҳа.