Зҵакы гәылыршәоу, исахьаркыу, абызшәатә еицааирала зхатә ритмика змоу, жәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа ирыхәҭакәуп ажәаԥҟақәа. Афырхаҵареи агәымшәареи ирызку аԥсуа жәаԥҟақәа дырзааҭгылоит, Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.