Аиндаҭлара "Иреиӷьу ақыҭа" мҩаԥгахоит ақыҭауаа асоциалтәи, акультуратәи ауаажәларратәи ԥсҭазаара ралархәразы. Аԥсны Аԥыза-министр Геннади Гагәылиа инапы зҵаиҩыз аиндаҭлара амҩаԥгара арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны ахҳәаа азыҟаиҵеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Даур Аршба.