Аполитолог Ҳагба: аоппозициа амчраҿы анеиразы илныхуа амҩа аԥсуаа зегьы ирныруеит
Аполитикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Беслан Ҳагба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны игәаанагара иҳәеит ишьақәгылаз аҩныҵҟа-политикатә ҭагылазаашьаҟны аҳәынҭқарра ԥырхага амаиур, амчрақәеи аоппозициеи рхы шымҩаԥыргаша азы.