Коӷониа: амшаԥы- аныҳәақәа зегьы ираԥхьагылоуп
Агәыҳалалратә фонд "Амшаԥы" аиҳабы Даур Коӷониа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны дазааҭгылеит ақьырсиан динхаҵараҿы ихадоу аныҳәамшы, амшаԥы аҵакы.
Агәыҳалалратә фонд "Амшаԥы" аиҳабы Даур Коӷониа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны дазааҭгылеит ақьырсиан динхаҵараҿы ихадоу аныҳәамшы, амшаԥы аҵакы.
Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Арда Ашәба Амшаԥ ныҳәа аԥсуаа рытрадициақәа ишаныԥшуа дазааҭгылоит.
Аԥсуа динтә ныҳәақәа рсистемаҿы аҭыԥ ҷыда ааннакылоит Амшаԥы. Аԥсуаа рынхамҩатә бзазараҿы традициатә ныҳәаны Амшаԥы ашьапы акит ажәытәӡатәи аамҭақәа рзы: хәба-фба нызқь шықәса рышьҭахь. Амшаԥ ныҳәа иамоу аҷыдарақәеи, атрадициақәеи дырзааҭгылоит аҭоурыхҭҵааҩ, аетнолог Валери Бигәаа.
Ажәытәла аԥсуаа амшаԥ ныҳәа шазгәарҭоз, насгьы иабантәиаауе ари аныҳәа, абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭаиҳәеит аетнолог аҭоурых, ҭҵаарадыррақәа рдоктор Валерии Бигәаа.
Аԥсны атуризм аҿиара азҵаара адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны иалацәажәеит акурортқәеи атуризми рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ахбеи, афирма "Елит-тур" аиҳабы Борис Саџьаҭ-иԥеи.
Арадио Sputnik Аԥсны апроект "Агәалашәара амҩала" аҟны ишәыдаагалоит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ахроника.
Асовет Еидгыла аамҭақәак раан, ақьырсиантә динхаҵара аҿагылара аман, хымԥада уи иадҳәалаз аныҳәақәагьы аԥыхын. 1949-50 ашықәсқәа ирхаану Владимир Жьиба иаҳзеиҭеиҳәеит, аԥсуа ҭаацәарақәа маӡала Амшаԥы шазгәарҭоз атәы.