Габниа: ақәратә ценз азы аԥсахра алагалара ахәҭаны избом
Иаҭахума Атәыла ахадахьы зкандидатура ықәзыргыло рзы ақәратә ценз аԥсахра, иаҭахызар, иаԥсахырц иалшои уи ҳара ҳаԥсҭазаараҿы, абри азҵаара аҭак ҟаиҵон адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" асас Атәыла Ахада Иусбарҭа ахада ихатыԥуаҩ, азиндырыҩ Гиви Габниа.