Ҳагба алхрақәа рзы: аполитикатә культура аганахьала раԥхьатәи ашьаҿақәа ҟаҳҵоит
Аполитикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Беслан Ҳагба арадио Sputnik аефир аҟны Аԥсны алхратә агитациа, аполитикатә еиндаҭлара ахәшьара аиҭеит.
Аполитикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Беслан Ҳагба арадио Sputnik аефир аҟны Аԥсны алхратә агитациа, аполитикатә еиндаҭлара ахәшьара аиҭеит.
Аԥсны иҟоуп алхырҭатә ҭыԥқәа 152, алхырҭатә ҭыԥ хадақәа 35 рҟны. Алхырҭатә ҭыԥқәа 2 аадыртраны иҟоуп Москвеи Черкесски. Сҭампылгьы даҽакы аадыртып ҳәа ргәы иҭоуп.
Ҿыц еилкаау адыррақәа рыла, Аԥсны ахада иалхрақәа раан абжьыҭара азин рымоуп 118 нызқьи 932 алхыҩцәа.
Аҟәа ақалақь аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы аилак аусзуҩ Кама Ҳараниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аҳҭнықалақь аҟны имҩаԥгаз аицлабрақәа рылҵшәақәа ртәы. Ԥхынгәы 23 рзы Аԥсны ахьԥшымра азхаҵара иазкны Cross Fit Sukhum 2019 азы аицлабрақәа мҩаԥысит Аҟәа.
Аинформациатә агентра Sputnik Аԥсны Алхратә комиссиа хадаҟны Жәларбжьаратәи апресс-центр аҿы нанҳәа 25 рзы иаанартуеит анҭыҵтәи арадиостанциа, иара убас ишиашоу ицо атексттәи авидеотранслиациақәеи мҩаԥнагалоит асаити асоциалтә ҳақәеи рҟны.
Асабша, нанҳәа 24 рзы Аҟәа иаатит Аԥсны ахада иалхрақәа Жәларбжьаратәи рыпресс-центр.
Нанҳәа 25 рзы Аԥсны аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргоит еицырдыруа аԥсуа аҟазараҭҵааҩ, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәеи, ажурналистцәеи, асахьаҭыхыҩцәеи реидгылақәа иалаз Боча Аџьынџьал. Иара Санкт-Петербург дшынхозгьы ихәыцрақәеи иусуреи зегьы Аԥсны иадҳәалан ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахантәаҩы, иҩыза Витали Џьениа.
Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысуеит атәыла алхырҭатә ҭыԥқәа 152 рҿы, иара убас Москва, Черкесск, Сҭампыл.
2019 шықәса нанҳәамза алагамҭазы Роспотребнадзор иҟанаҵаз адыррақәа инрықәыршәаны, 2019 шықәсазы Краснодартәи атәылаҿацә аҟны Мраҭашәаратәи Нил ашыӡ 7-ҩык ирыхьит.