Џьениа Боча Аџьынџьал изы: иԥсҭазаара зегьы иԥсадгьыл аӡыргара иазикит
![Џьениа Боча Аџьынџьал изы: иԥсҭазаара зегьы иԥсадгьыл аӡыргара иазикит](https://cdn2.img.sputnik-abkhazia.info/images/102145/19/1021451939.jpg)
Нанҳәа 25 рзы Аԥсны аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргоит еицырдыруа аԥсуа аҟазараҭҵааҩ, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәеи, ажурналистцәеи, асахьаҭыхыҩцәеи реидгылақәа иалаз Боча Аџьынџьал. Иара Санкт-Петербург дшынхозгьы ихәыцрақәеи иусуреи зегьы Аԥсны иадҳәалан ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахантәаҩы, иҩыза Витали Џьениа.