Алхрақәа инаркны абызшәа апроблема аҟынӡа, ма ишыдыдуа еиԥш, ақәа леиуам
Шықәсык иалагӡаны Sputnik Аԥсны асаити арадиои аҟны ишьҭылхуаз атемақәеи, лкалам иҵыҵуаз анҵамҭақәеи ртәы дазааҭгылоит ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Шықәсык иалагӡаны Sputnik Аԥсны асаити арадиои аҟны ишьҭылхуаз атемақәеи, лкалам иҵыҵуаз анҵамҭақәеи ртәы дазааҭгылоит ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Аԥсуаа ашықәс ҿыц раԥхьатәи амш азы ршьыжьхьа зеиԥшраз, насгьы уи ишацклыԥшуаз атәы арадио Sputnik Аԥсны азы аматериал азлырхеит афольклорист Есма Ҭодуаԥҳа. Даԥхьоит Рустам Чочуа.
Иаҳхысыз ашықәс азы дзыниаз ахҭысқәа рҟнытә еиҳа игәникылақәаз еиҭеиҳәоит Sputnik акорреспондент Аинар Ҷыҭанаа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра аекологиеи аԥсабарахьчареи рзы аҳәынҭқарратә еилакы аҳауеи аӡқәеи ргәаҭара аҟәша аспециалист хада Лариса Ахԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит ажьырныҳәамзазы амш зеиԥшрахо атәы.
Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Ашықәс ҿыц азы иуаажәлар рахь иҟаиҵаз адныҳәаларатә ааԥхьара.