Аӡын шӡыну имҩасыр аԥсабара ахаҭагьы иаҭахуп, ма аԥсуаа асы анауа злардыруа
Ҳаамҭазы атехникатә прогресс иабзоураны еилыркаауеит амш зеиԥшрахо: ианыцәгьахо, ианыбзиахо. Уи азҵаара еилзырго аҳауагәаҭаҩцәа аԥсуаагьы иҳамоуп уажәшьҭа, аха иахьагьы ажәлар рамзартә гәаҭагақәа рыла амш, мамзаргьы аамҭа зеиԥшрахо еилзырго ауаа ыҟоуп.