Агәабзиарахьчара аминистрра: Аԥсны акоронавирус аплато ахь ицәырҵит
Абҵара 20 рызтәи аҭагылазаашьала, Аԥсны акоронавирустә инфекциа рыхьхьеит 5312-ҩык. Ргәы бзиахеит 3611-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 68-ҩык.
Абҵара 20 рызтәи аҭагылазаашьала, Аԥсны акоронавирустә инфекциа рыхьхьеит 5312-ҩык. Ргәы бзиахеит 3611-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 68-ҩык.
Асахьаҭыхыҩ Виссарион Ҵәыџьба арадио Sputnik аефир аҟны иазгәеиҭеит асахьаҭыхратә ҟазара иахьазы уамак азҿлымҳара амаӡам ажәлари аҳәынҭқарреи ирҭахыҵәҟьаны иахьыҟам азы ҳәа.
Иахьа Жәларбжьаратәи ателехәаԥшра амш ауп. Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа иаҳзеиҭалҳәоит раԥхьаӡа рқыҭаҿы ателербага шцәырҵыз, иара убас Аԥсны ателехәаԥшра аҿиарамҩеи иахьатәи аҭагылазаашьеи рзы лгәаанагара ҳамалдоит.
Ҭагалан Аԥсны ақыҭақәа рҿы ауаа хандеиуеит, аусутә еилашуеит. Убас, Sputnik ааигәа ирҭааны ирбеит Приморское ақыҭа анхацәа рҽаҩраҭагалара аамҭа шцо, рынхамҩаҿы еихьӡарақәаси уадаҩрақәаси ирымоу уҳәа ртәы.
Ешба ихьӡ зху Аҟәатәи ахәбатәи абжьаратә школ аҭоурых арҵаҩы Баҭал Гогьиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит акарантин аамҭазы аҵаратә процесс шеиҿкаау.
Аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ахьеицәахаз инамаданы жьҭаара 15 инаркны абҵара 24 рҟынӡа Аԥсны иалагалоуп иназыцҵоу аԥкрақәа.