Аҩӡба Таиф Аџьба изкны: зыламыси зажәеи рыла зхатә баҟа зчаԥаз
Аҷандаратәи абжьаратә школ адиректор Валери Аҩӡба арадио Sputnik аҟны иҳәеит апоет Таиф Аџьба диижьҭеи 80 шықәса аҵра инамаданы иқыҭа гәакьаҟны игылоу ихьӡ зху ашкол аҟны ахәылԥаз шымҩаԥгаз атәы.