Сақаниа: асахьатә галереиа иазалху ахыбра ҵәымыӷкгьы аларымҵацт
Амилаҭҭә сахьаҭыхратә галереиа аиҳабы Сурам Сақаниа арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит акыр шықәса раԥхьа ирзалхыз ахыбра иахьа уажәраанӡа ҵәымыӷкгьы адҵам ҳәа. Аҳәынҭқарратә сахьатә галереиа аԥҵоижьҭеи иахьа 55 шықәса ҵит.