Шьониа Гал араса аҽаҩразы: ашәарҭара иҭагылоуп
Гал араион агроном хада Лери Шьониа арадио Sputnik аефир ала арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит араион аҟны араса хәышәтәымзар, аҽаҩра бзиамахар ҟалоит ҳәа.
Гал араион агроном хада Лери Шьониа арадио Sputnik аефир ала арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит араион аҟны араса хәышәтәымзар, аҽаҩра бзиамахар ҟалоит ҳәа.
Иазҟазатәым ашьапылампыл азы Аԥсны ахԥатәи ачемпионат 2019 шықәса жьҭаарамзазы иалагеит, аха акоронавирус иахырҟьаны 2020 шықәса ԥхынгәымзанӡа ихыркәшамхеит.
Аҟармаратәи ашахта аҩнуҵҟа иҳаҩсыз ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа раан арацәаҵхыҩцәа идыргылеит иуникалтәу аргыламҭа – адгьылаҵаҿтәи аӡфымцастанциа. Уи амчхара 28 мегаватт рҟынӡа инаӡон. Иахьа ари астанциа фымцалашарала еиқәнаршәар алшон идуум Аԥсны араионқәа ҩба.
Ԥхынгәы 7, асааҭ 11:00 рзы Sputnik Аԥсны амультимедиатә пресс-центр аҿы имҩаԥгахоит апресс-конференциа аԥсуа журналистка Саида Жьиԥҳа лышәҟәы "Амра ашәахәақәа" аӡыргара иазкны. Ашәҟәы рызкуп Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа-абаза жәлар иналукааша рхаҭарнакцәа.
Урыстәыла ииасыз уахыки-ҽнаки рыла 6 000 инареиҳаны коронавирус хҭыс аҭыԥ аман, зынӡа пандемиа аамҭазы – 660 000-ҩык.
Аекологиазы Аԥсны ахәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Елыр ақыҭан аҟанҷ хьычԥаԥыр аԥсабара аԥхасҭа шанаҭо, уи аҿагыларазы мҩас илхтәу ҳтәылаҟны макьана ишҭҵаам.
Мшаԥы 24 рзы алхрақәа рышьҭахь уаанӡатәи Аминистрцәа реилазаара анапынҵақәа шьҭанаҵеит. Ахада ҿыц Аслан Бжьаниа хымз рыҩнуҵҟа Аминистрцәа реилазаара ҿыц шьақәирӷәӷәар ауп.
Уаанӡа ишазԥхьагәаҭаз ала аӷба "Князь Владимир" Аҟәатәи амшынтә баӷәаза иаҭаар акәын лаҵарамза инаркны цәыббрамзанӡа графикла фынтә.
Ауаажәларратә палата алахәыла Абессалом Кәарҷиа арадио Sputnik аефир аҟны игәаанагара иҳәеит алхыҩ изы иахьынӡахәарҭоу адепутатрахь акандидатцәа телехәаԥшрала рықәгылара.
Пицундатәи амҩаҿы ашьыжь асааҭ 4:20 рзы автомашьына Toyota Сrown аԥсҟы зкыз имч ақәымхазт, имҩа дахҟьаны аҵла даахеит.
Аҟәатәи ахәыҷбаҳча "Алашара" аиҳабы Мадина Ҭыжәԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит акарантинтә аамҭа ашьҭахь ахәыҷбаҳчақәа русура аиҭахацыркра шеиҿкаахо атәы.
Қырҭтәылатәи АИХқәа рҟны амҽыша ицәырган аинформациа ҩыџьа ауаа Аԥснынтәи Қырҭтәылаҟа Егры шьапыла ианырсуаз иӡааҟәрылеит ҳәа.
Аԥсны ахада апресс-конференциақәа ҩба мҩаԥигеит, Аԥсны атурсезон аҽазыҟанаҵоит, иазԥхьагәаҭаз ашәахтәқәа абиуџьет изаламлеит, Аҳәынҭмузеи аколлекциа харҭәаахеит - абарҭи иҳаҩсыз амчыбжь азтәи егьырҭ ажәабжьқәеи Sputnik аҟны.