Бжьаниа: Аԥсны имҵарсыз ауаа роушьҭразы ацәгьоуцәа миллиардк инацны иазыҳәахьеит
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа абизнес ахаҭранкцәеи амчратә усбарҭақәа уажәтәии уаанӡатәии реиҳабацәеи дырԥылеит.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа абизнес ахаҭранкцәеи амчратә усбарҭақәа уажәтәии уаанӡатәии реиҳабацәеи дырԥылеит.
Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра иаҵанакуа Зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы аҳәынҭинспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит амшынҭаларазы ашәарҭадара аԥҟарақәа рынагӡашьа араионқәа рҟны ишгәарҭоз, уи алҵшәақәа ртәы.
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа акультура аминистрс дҟаиҵеит Гәдиса Агрба, ари аҭыԥ аҟны иара диԥсахит Ельвира Арсалиаԥҳа.
Анырра ӷәӷәа ҟазҵо ахәшәқәа рконтрабандазы (Урыстәылатәи Афедерациа Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 226.1) Урыстәыла атәылауаҩ быжьшықәса рҟынӡа ҭакрала ихигарц иқәырҵар ҟалоит.
Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьапуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит атәылаҟны аекологиеи аԥсабара ахьчареи рҭагылазаашьа хәшьарас иаиҭо.
Акоронавирустә инфекциазы атестқәа рхыжьра ашьҭахь иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла ари ачымазара ҿкы ҿыц излоу ҳәа аӡәгьы дшыҟам шьақәырӷәӷәан.
Рашәара 9 асааҭ 11:00 рзы Sputnik Аԥсны амультимедиатә пресс-центр аҿы имҩаԥысуеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин ипресс-конференциа.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа абомба аҵоуп ҳәа ажәабжь рылаҵәеит ашьыжь рашәара 5 рзы. АҶА, ААР, АшәМ аусзуҩцәа ацҳаражәҳәарҭа аҵакырадгьыл еимырдеит.
Гәдоуҭа араион ақыҭанхамҩатә усбарҭа аиҳабы Иура Кәарцхьиа арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит амармалташьтә пты аҟынтәи ахәшәтәрақәа рылагара иахьынӡазхиоу атәы.
Аԥсны Жәлар Реизарахь депутатс Пицундатәи ахәышәтәырҭа аҳақьым Алмасхан Барцыц дықәзыргыло агәыԥ Аԥсны АКХ аҿы ашәҟәы иҭарҩит.
Аԥснытәи астудент Олег Бушев игәы ԥсахтәны иҟоуп. Олег ацхыраара ирҭар алшоит рҳәахьан Бакулев ихьӡ зху Агәи адеи рзы аинститут аҿы урыстәылатәи атәылауаҩра иоур.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысуеит рашәара 12 рзы алхратә ҭыԥ хадақәа ԥшьба рҿы: Кындыӷтәи, Гәдоуҭатәи, Бзыԥтәи, Оҭҳаратәи.
Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа, Ашәарҭадаратә маҵзура, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра русзуҩцәа Ацҳаражәҳәарҭа иахьаҵанакуа аԥшаарақәа ирҿуп абомба аҵоуп ҳәа аҭел ианас ашьҭахь.
Гурген Кракосиан уаанӡагьы аусӡбара даҵанакхьан. Уажәы ибналара адагьы абџьари аџьаԥҳани закәаншьаҭада рымазаара ихарарҵоит.
Ақыҭанхамҩа аминистрра агрономиа аҟәша аиҳабы Едуард Барганџьиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит ахәаҷамаҷқәа рҿагыларазы аԥхьатәи ахәшәтәра зламҩаԥыргаша араионқәа рқыҭанхамҩатә ҟәшақәа ирызшоуп ҳәа.
Аԥсны аҳҭнықалақь амҩақәак рҟны акаҭран ахәҭак рыԥсахуеит. Иара убасгьы ақалақьтә коммуникациақәа рремонт ҟаҵатәуп, џьара-џьара иԥсахтәуп.
Александр Анқәаб иазгәеиҭеит льготала ахәшәқәа ззеихыршо ауаа иаку аҳәынҭқарратә база рҭагалара хымԥада ишаҭаху.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа рашәара 4 рзы ҳәынҭусбарҭақәак рхадацәа раҭаразы аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩит.