Ҵәыџьба: ҳмандаринақәа ибзиан ишәҭит, уи ҳгәалаҟазаара шьҭнахуеит
Гәылрыԥшь араион аҿы иҟоу асовхоз "Софиа" аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Витали Ҵәыџьба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит амандаринаҭраҿы имҩаԥырго аусурақәа ртәы.
Гәылрыԥшь араион аҿы иҟоу асовхоз "Софиа" аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Витали Ҵәыџьба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит амандаринаҭраҿы имҩаԥырго аусурақәа ртәы.
Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар ипресс-конференциа мҩаԥысит Аԥсуа телехәаԥшра апресс-центр аҿы.
Аԥсны автомобилтә саркьақәа рырлашьцара азин ыҟам 2012 шықәса раахыс Апарламент ақәҵарала. Иахьазы абри азакәан аилагаразы ахараԥса иартәоит 1800 мааҭ.
Адунеи зегь аҿы акоронавирустә инфекциа рзышьақәдыргылахьеит быжь-миллионҩык инареиҳаны ауааԥсыра. Зегьы реиҳа COVID-19 рыхьхьеит Еиду Америкатәи Аштатқәа рҿы.
Германиа иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Хьыбла Амҷԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит уи атәылаҿы акоронавирус аламырҵәаразы иаԥҵаз аԥҟарақәа рырԥсыҿра аус шцо атәы.
Асоциалтә платформа "Аԥсны аԥеиԥш" ашьаҭала имҩаԥысуа аицлабра "Аԥсны агәадура" арзаҳалқәа рыдкылара иалагеит хәажәкыра 2 рзы. Ари апроект рхы аладырхәыр рылшоит 35 шықәса рҟынӡа зхыҵуа аҿарацәа.
Аурыс-аԥсуа еизыҟазаашьақәа, акоронавирус иаҿагылан ақәԥара, Аиааира 75 шықәса ахыҵреи Урыстәыла Амши разгәаҭара уҳәа Sputnik аҿы имҩаԥгаз апресс-конференциаҿ ирылацәажәеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианини Россотрудничество анапхгаҩы Вадим Чехеи.
Ажәытә дунеихәаԥшышьа иарҿиаз жәлар разгәаҭарақәа иахьагьы рыԥсы ҭоуп, аԥсуаа рҿгьы маҷымкәа еиқәханы иҟоуп. Урҭ рыхәҭак ирызкны арадио Sputnik Аԥсны арубрика "Жәлар рдоуҳа" аҿы еиҭалҳәеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Иаанкылоу рганахьала ашьаус хацыркуп аҳәынҭқарратә ҳәаа закәаншьаҭада ахысразы. Дара уажәы Аԥсны АШәМ аамҭалатәи аанкыларҭаҿы иҭакуп.
Аррамаҵзура зыхганы иалгарц азы мышқәак ззаанхаз Инал Инаԥшьба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит арра иунаҭо атәы, насгьы иԥсадгьыл аҿаԥхьа иуалԥшьа ахьынаигӡаз дшазгәдуу.
Аилацәажәара иалахәын аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуа, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Даур Кәырмазиа.
Ацҳа аремонт мҩаԥнагоит Аԥсны Амҩатә фонд иара ахатә ԥарақәа рыла. Ахарџьынҵала ахәԥса миллионки 800 нызқь мааҭи рҟынӡа инеиуеит.
Ииасыз ашықәс азы абри аамҭа инақәыршәаны Урыстәылаҟа инашьҭын 12 тонна инареиҳаны аҵыҵындра.