Гал араион аҵара аҟәша аиҳабы Асида Лацәышԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭалҳәеит араион аҟны аушьҭымҭацәа шаҟаҩ ыҟоу, аԥышәарақәа иахьынӡарзыҟаҵоу, ААУ аҟны аҵара аиура зҭаху рхыԥхьаӡара зеиԥшроу.
Иаҳхысыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирус азы агәаҭара иахысит 32-ҩык Аԥсны атәылауаа.
Аԥснытәи аусхкырацәатә коллеџь аҟны ахәыҟаҵаҩ изанааҭ ала аҵара зҵо Мальвина Қәаранӡиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны аԥсуа чысхкы абырҷманчаԥа аҟаҵашьеи уи ауаҩы излаизегьуи ртәы еиҭалҳәеит.
Аибашьра ду алахәылацәа-авиаторцәа рбаҟа официалла иаадыртуеит рашәара 24 рзы.
Агәыӡератәи арратә госпиталь аҳақьым хада Зураб Ачба Аԥсны ахадеи аԥыза-министри рахь аҳәара ҟаиҵеит агоспиталь аҭагылазаашьа бааԥс лабҿаба ирбарц азы иаҭаарц.
Ачымазара ҿкы акоронавирус аламырҵәаразы Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа аркуп. Аҟәатәи аботаникатә баҳча ӷәӷәала ианыԥшуеит аԥсшьаҩцәа рыҟамзаара, абаҳча атуристцәа рыбзоурала абиуџьет шьақәнаргылон.
Аҟәатәи аҳәынҭқарратә аклассикатә музыкатә ҵараиурҭа иахыҵит 90 шықәса. Аҵараиурҭа аестрадатә ҟәша арҵаҩы еиҳабы, ашәаҳәаҩ Ҭемыр Ҭаниа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит рыҟәша иаԥсҭазаашьоу, ирыдыркыло ралԥшаара шымҩаԥысуа, уаҟа аҵара ирнаҭо атәы.
Аԥсны Алхратә комиссиа хада аилатәара мҩаԥнагеит Апарламент ахь адепутатцәа рҭаҩра азҵааразы.
Аҟәатәи алицеи-интернат ааӡаҩ Алиас Акаба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы ахәыҷқәа ныҟәара ргара зыгәҭаку рзы абжьгарақәа ҟаиҵеит.
Аҟәатәи аботаникатә баҳчаҿы ишәҭит хкы рацәала ашәҭқәа, аха урҭ рыԥшӡара збо маҷҩуп, Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа ахьарку иахҟьаны аԥсшьаҩцәа ыҟам.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа рашәара 12 рзы Аусдҵа инапы аҵаиҩит акоронавирус иадҳәаланы иалагалаз аԥкырақәак рырԥсыҽразы.
Аҵыхәтәантәи абжьымш рыҩныҵҟала Аԥсны еиуеиԥшым ахҭысқәа жәпакы ҟалеит. Урҭ ртәы – Sputnik аматериал аҿы.
Лабра ахада инапынҵақәа назыгӡо иқәлеит ҳәа адырра ҟаҵан Очамчыра араион аҩныҵҟатәи аусқәа аҟәша аҷаԥшьаратә хәҭахьы рашәара 13 асааҭ 21:30 рзы.