Ҭарба ишәҭыз аиукка иазкны: ииасуа зегьы џьашьатәыс ирымоуп
Аҟәа ақалақь аҿы инхо Даур Ҭарба иҩны аҿаԥхьа еизҳауа аҵиаа – агава ҳәа изышьҭоу аа-метрак зоура цаз агәыцә ылнагеит, сынтәа иара раԥхьаӡа акәны ишәҭит.
Аҟәа ақалақь аҿы инхо Даур Ҭарба иҩны аҿаԥхьа еизҳауа аҵиаа – агава ҳәа изышьҭоу аа-метрак зоура цаз агәыцә ылнагеит, сынтәа иара раԥхьаӡа акәны ишәҭит.
Асовет аамҭазы Гагра иаатыз ахәаахәҭратә центр "Жәаҩакәара" аҟны аусура иалагаз Зинаида Лакәарԥҳа еиҭалҳәеит ари аобиект "аамҭа бзиа" шаныԥшуаз атәы.
Раԥхьаӡа акəны Ҭырқəтəылаҟа лцареи, Аԥсуа телехəаԥшраҿы авторс дызмаз ҳџьынџьуаа ирызкыз адырраҭара "Агəыӷра" аиреи ртəы еиҭалҳәеит ажурналист Сырма Ашəԥҳа ланҵамҭаҿы.
Ешыратәи аибашьцәа рмузеи аиҳабы Марина Тәанԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит амузеи аекспонатқәа ишыруаку аибашьҩы гәымшәа, данҭаха ашьҭахь Леон иорден занашьаз Ҭемыр Бигәаа игитара.
Уаҭҳара ақыҭа инхо Борис Аиба еиҭеиҳәеит уаҭҳараа арахә рыманы иахьхало, ари ақыҭа иаҵанакуа аԥсҭа ҭыԥқәа ртәы, насгьы аԥсҭа ианҭало имҩаԥырго аныҳәара аӡбахә. Шәаԥхьарц ишәыдаагалоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуа ланҵамҭа.
Есышықәса, традициала рашәарамза аҵыхәтәантәи амҽышазы иазгәарҭоит амедицина аусзуҩцәа рымш. Абри амш инақәыршәаны ажурналист Саида Жьиԥҳа иаҳзеиҭалҳәеит занааҭла ихәыҟаҵаҩу, аха аибашьра адәаҟны имедеиҳәшьахаз Татиана Аиԥҳа-Жданова лҭоурых.
Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра иатәу Нелли Аӡынԥҳа лыхьӡ зху Апедагогикатә институт аиҳабы Ирина Кәкәасқьырԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны аԥсуа бызшәа аҳәынҭқарраҿы иахәҭоу ахархәара замам азы лгәаанагара лҳәеит.
Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа "Аҭыԥҳа аҵәца даҩызоуп: зыԥшӡара злахьынҵа ареиқәаҵәаз аԥҳәыс лызхәыцра" ҳәа хыс измаз лколонкаҿы Лахьыцәгьа ҳәа зыӡбахә лымаз аԥҳәызба лҭоурых Саида Жьиԥҳа даҽа ԥҳәызбак дзықәшәаз лгәаланаршәеит. Уи лҭоурых иахьа иаҳзеиҭалҳәоит.